АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА БАДРА ГӘЫНБА ПИЦУНДАА РЫҚАЛАКЬ АМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ:

 

 

▫️ «Ҳаҭыр зқәу Пицундаа!

 

▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ақалақь Амш!

 

▫️ Пицунда- Аԥсны зегь реиҳа иԥшӡоу ақалақьқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Ари ақалақь ижәытәӡатәиу аҭоурых ду амоуп, иара ахыҵхырҭа шьақәырӷәӷәан ахәбатәи ашәышықәсазы ҳара ҳера ҟалаанӡа, Питиунт ҳәа хьӡыс иаман. 

 

▫️ Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Пицунда акрызҵазкуа доуҳатә-культуратә центрны иԥхьаӡоуп, Пицундатәи ауахәама акәзар, аҭоурыхтә ҵакы змоу архитектуратә баҟоуп. 

 

▫️ Пицунда иамоу аҭоурыхтә хҭыс инаҷыданы, ҳазҭагылоу аамҭазы ҳтәыла аԥсҭазаараҟны ахадаратә ҭыԥ ааннакылоит.  Ақалақь ауааԥсыра рыԥсадгьыл гәыла-ԥсыла иазыҟоуп, ртәыла аизҳазыӷьаразы ирылшо зегь ҟарҵоит. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы фырхаҵарыла рџьынџь дгьыл рыхьчеит. Абри аныҳәа амш аҽны, Аиааиреи Ахьыԥшымреи ҳзаазгааз иҭахаз ҳаибашьцәа гәымшәақәа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.

 

▫️ Аибашьра ашьҭахь, иуадаҩыз аԥышәара аамҭа рыхганы, Пицундаа рықалақь гәакьа аанырмыжьит. Рыԥсадгьыл ахь ирымаз абзиабара еихаҳауа, Пицунда анхацәа ирылдыршеит ақалақь аиҭарҿиара, уи  аԥшӡара аиқәырхара. 

 

▫️ Аҳәынҭқарра аԥхьаҟагьы иҷыдоу азҿлымҳара анаҭалоит ҳақалақьқәа реиҭарҿиара. Иазгәасҭарц сҭахуп, Пицунда ақалақь астатус арӷәӷәара аус аҟны аҵак ду змоу шьаҿаны ишыҟалаз иҳадаҳкылаз ақалақь ахатә биуџьет ашьақәырӷәӷәара. Агәра згоит, ас еиԥш иҟоу ауснагӡатә алшара бзиа шаԥнаҵо ақалақь аинфраструктура аҿиараҟны, аҭыԥантәи аҵакы змоу азҵаарақәа рыӡбараҟны, ауаажәларра рыԥсҭазаара аиӷьтәра иацхраауа аҭагылазаашьа аԥҵараҟны. 

 

▫️ Гәык-ԥсык ала Пицунда ԥшӡа аизҳазыӷьара аҭәасшьоит, ҭаацәацыԥхьаӡа агәабзиареи аҭынчреи, аиҳьӡарақәеи рзеиӷьасшьоит, уаҵәтәи амш лаша агәрагара рыцзааит!

 

 ▫️Ишәыдысныҳәалоит ақалақь Амш!»

 

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"