МЫШҚӘАК РАԤХЬА АԤСНЫ АХАДА БАДРА ГӘЫНБА ГӘЫԤҨЫК АВЕТЕРАНЦӘА ДАНЫРԤЫЛОЗ АИБАШЬЦӘА ГӘЫМСҬАТӘИ АФРОНТ АҾЫ ИҬАХАЗ АԤСНЫ АХЬЧАҨЦӘА РБАҞА АРГЫЛАРАЗЫ АЗҴААРА ШЬҬЫРХИТ

 

 

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит уи хымԥада иаҭахыуп ҳәа ишиԥхьаӡо, убри аан иазгәеиҭеит абаҟа аҭыԥ азалхразы аветеранцәа ражәа аԥыжәара шаҭахо. 

 

Дара еицҿакны ирҳәеит зегь раасҭа иахьақәнагоу ҭыԥуп ҳәа ишырыԥхьаӡо Ешыра ақыҭан, иахьа аҳәынҭқарратә бираҟ ахьықәгылоу ахәы ҳарак. 

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ашәахьаҽны араионқәа рхадацәа алархәны аилацәажәара анымҩаԥигоз Аҟәа араион Ахада Алхас Ҷыҭанаа адҵа ииҭеит абри азҵаара ахылаԥшры ҷыда аиҭарц. Бадра Гәынба иҳәеит хара имгакәан ишаԥҵахо акомиссиа. 

 

«Зықьҩык инарзынаԥшуа ҳаибашьцәа ахьҭахаз Гәымсҭатәи ацәаҳәа ҳажәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианырҭагылаз цәаҳәа ҟаԥшьык иаҳзаҩызан. Убри азын ҳаибашьцәа рфырхаҵара иасимволу абаҟа аргылара ҳаззегь ҭакԥхықәра ҳаракыла ҳазнеироуп»,-иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.

 

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"