НОВОСТИ и ИНФОРМАЦИЯ

Понедельник, 15 января 2024 14:29

ИУРИ ЛАГӘЛАА: «ЖӘЛАР РЕИЗАРА АДЕПУТАТЦӘА ИҞАРҴАЗ ИАШОУП, АДА ҦСЫХӘАГЬ ЫҞАМЫЗТ»

 

Очамчыра араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Иури Лагәлаа Аҧсуа телехәаҧшра апрограмма "Агәаанагара"
аҿы ицәажәара.

"Ҳпарламент, ҳаҷкәынцәа аҳәынҵәа ргәыдырҭәалоит, иҟарҵаз иашам ҳәа ирҳәо сақәшаҳаҭым. Иҟарҵаз иашоуп, ада ҧсыхәагь ыҟамызт. Пицундатәи адгьыл аурыс имгаӡеит, ҳара ҳаламыс пату ақәаҳҵозар, ҳ-лидер Арӡынба ириҭахьаз адгьыл шьурҭ ҳзалацәажәеи, уи ӡбан. Ҳара аҧсахҩы ҳәа Жәлар реизараҿы аӡәгьы дҳамаӡам, ҳаҷкәынцәа заманақәа убра итәоуп, ҳажәлар иалырхыз роуп, пату зқәу роуп. Сара схаан имҩаҧысуаз аилаҩынтрақәа срылан, аха усҟан ақырҭцәа ҳарҿагылан, аха иахьа дазусҭада ҳ-аҧсынра ҵызшәаауа? Рҽааныркылааит аҷкәынцәа, урҭгьы ҳара ҳаҷкәынцәа роуп, аха имҩахҟьаны иҟоуп, рыҽныркылар бзиоуп, ҳаинырымҟьааит, иазхоит. Ари ламысдароуп ҳаҷкәынцәа аҳәынҵәа рыхьшуа, иаҳҿыҵашәо зегьы ҳҳәо ҳалагар. Иаашәычҳа, алхрақәа ааигәахоит, шәыӷәӷәазар, шәҵара ыҟазар шәаҳцәызгода, ҳаҷкәынцәа шәами, алхрақәа шәҽырзыҟашәҵа".

Прочитано 35 раз