"Ҳара ҳара ҳаиҿагыло аҟынӡа аполитика ҳнанагеит. Акны ҳаҟан, аха иахьа ҳҽаҳшеит партиа-партиала. Жәынгьы-ҿангьы аҧсуаа аццакра ҳамоуп, уи иахьҳахәогь ыҟоуп, иахьаҳҧырхагогь ыҟоуп»,- иҳәоит Бигәаа.
Валери Бигәаа иара убас далацәажәеит Лыхнытәи аизареи ажәлар ирымаз аидгылареи ртәы.
"Хазы ҳаҟоуп азакәан излаҳәо ала. Угәыла иахьынӡауа аҟынӡа уныҟәигалоит, аха есымша аӡә иахь мацара иауӡом.Дазусҭазаалакгьы ҳааигәара дааир ҟалом, шәҳәынҭқарроуп ҳәа ҳзызҳәазгьы ҳаиҿаӷьаӷьо ҳалагеит. Ус ҟаҳҵар хара ҳазцом... Усҟантәи аҧсуаа даҽа жәларуп, иахьа иҟоу аҧсуаа даҽа жәларуп. Аицәажәаратә формулақәа аҧсуаа ирымаз ҳхашҭит, атрадициатә формулақәа ҳхашҭит, аиҳаби аиҵби ҳхашҭит, ахаҵеи аҧҳәыси ребабашьа, реицәажәашьа ҳхашҭит. Абарҭқәа зегьы ҳхашҭуа ҳалагазар, нас иаҳзаанхои?
Амилаҭ дара рхаҿы рымазароуп... Ҳара иаҳтәу ҳаҟәыҵны атәым ҳахьынҳало ҳалагеит, уигьы бзиан иҳаздырӡом. Иахьатәи ҳҭагылазаашьа зыхҟьаз амдырроуп, ас аицәажәара ҟалом. Ҳара Аҧны ахада далаҳхит, ажәлар реиҳараҩкгьы, саргьы сыбжьы исҭеит... Иахьынӡауала ак ҟасҵап ҳәа дшаҿу сбоит. Аппозициа ҳәа иҟоу, апартиақәа ҳәа иҟо аҧсуа именталитет иаабуам, ҳара ҳара ҳаилнахит», - иҳәоит аҵарауаҩ.
Валери Бигәаа Пицундатәи азҵаара далацәажәо иазгәеиҭеит:
"Иахьа ирыӡбаз аус аиаша шәасҳәап, садгылоит ишысҭахымгьы. Аӡы хыҵны ицозар, уаҵагылар уаман имцо, аӡи амцеи урмесын рҳәеит, абри ҳхаҳаршҭуеит. Адгьыл аҭира ҟалаӡом, ажәлар аҳәынҭқарра иатәуп, ажәлар иртәуп, уи аҩыза азҵаарагь ықәгылаӡамызт... «Аҵәгьы мбылуа акәацгьы ӡуа», ҳәа Жәлар реизара адепутатцәа ирыдрымкылеи ақәҵара, аха џьоукы ҳарҭиит ҳәа ицәажәоит, ишәиуагь дубап, убри иашома? Даара иҧхашьара дуны иҳамоуп ас еиҧш иҟоу ацәажәарақәа".