НОВОСТИ и ИНФОРМАЦИЯ

Среда, 11 октября 2023 19:47

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Аԥсны Арбџьар мчқәа рышьаҭаркра 31-шықәса ахыҵра азы иҟаиҵаз адныҳәалара

 

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!


Иахьа иазгәаҳҭоит аҭоурыхтә рыцхә – Аԥсны Арбџьар мчқәа рышьаҭаркра 31-шықәса ахыҵра! Ари аныҳәа аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирныҳәоуп. Аԥсны Арбџьар мчқәа ирхыҵхырҭоуп «Аҩныҵҟатәи ар хаз иго Аполк». Аибашьра ианалага, 1992 шықәса нанҳәа 18 азы ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак апрезидиум аусԥҟа аднакылеит Атәылахьчараз Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵазарц, уи инақәыршәаны 1992 шықәса жьҭаара 11 азы иҟаҵан адҵа: Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы.
Аԥсуа ар анысит аҭоурыхтә мҩа. Иахьа уи ҳаамҭа иаҵанакуа, апрофессионалтә ҟазшьа аманы, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо иҟаларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Акомандаҟаҵаҩ хада инапынҵала имҩаԥысуеит аусурақәа – еизҳауеит иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгаз афицарцәа рхыԥхьаӡара, қәҿиарала аус ауеит Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа. Еиҵагыло аҿар рԥышәа рымардоит аибашьра ашьаарҵәыра иалҵыз, аибашьра адәаҿы иӡрыжәхаз анапхгаҩцәа.
Зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаара, ицқьоу ажәҩан, аизҳазыӷьара!
Нагӡара рықәзааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа! Аныҳәамш шәагмыз, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Шьардаамҭа Аԥсынра!

Прочитано 47 раз