НОВОСТИ и ИНФОРМАЦИЯ

Четверг, 05 октября 2023 14:22

Аҧсны Ахада Аҧсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Аҧсны Ахада Аҧсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭтә ныҳәа. Арҵаҩы имш - зеиӷьыҟам мшуп арҵаҩцәа рџьабаа агәаларшәаразы.
Шәзанааҭ аҵакы, шәхы-шәыҧсы шәамеигӡакәа имҩкҧыжәго шәусура ахә ашьара уадаҩуп. Шәара шәҵаҩцәа ирышәҭо адыррақәа рнаҩс, иреиҳау аҩаӡарахь амҩа ианышәҵоит. Шәара ишәыбзоураны аӡәырҩы аҧсҭазаараҿы рхатә ҭыҧ алырхуеит, ихьӡырҳәаганы иҟалоит иҟалоит дасу иалырхуа рзанааҭқәа рыҟны. Шәара аҿар реиҵааӡараҿы, адыррақәа рыҭараҿы, абиҧара ҿыцқәа рышьақәнылараҿы, Аҧсны аҧеиҧш бзиа ачаҧараҟны ишәылшо рацәоуп.
Арҵаҩцәа зегьы иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы, иаашәырҧшуа агәацҧыҳәаразы, ачҳаразы, шәусура ҭакҧхықәрала, ламысцқьала шәахьазнеиуазы. Ишәзеиӷьасшӷоит агәабзиара, агәамч, анасыҧ, ачҳара, шәнапы злаку аус ҧшьаҿы аихьӡарақәа.
Прочитано 51 раз