НОВОСТИ и ИНФОРМАЦИЯ

Среда, 20 сентября 2023 22:35

ВАДИМ ҲАРАЗИА: "АҦСУАА ҲАХЬЫҞАЗААЛАКГЬЫ ҲАҦСАДГЬЫЛ АЗҴААТӘҚӘА РҞНЫ ҲАИЗЫРАЗЫЗАРОУП..."

 

"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Арҭ амшқәа рзы Аҧсн иааны иҟоуп гәыҧҩык ҳџьынџьуаа.


Иҳамоу адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аҧсны акультуратә центрқәа рфедерациа, иара убас Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу
Аҧсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакра, урт аофициалла арахь иаармышьҭӡеит.

Хџьынџьуаа рыҧсадгьы ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы
ахыдҵақә иреиуоуп, аҧсуаа нырцәи-аарцәи реимадарақәа реиӷьтәра,
реибабареи реилибакаареи рырӷәӷәара. Иахьауажәраанӡагьы ари аус ауп ҳзызку аринахысгьы ҳхықәкы цәхьаҵшьа ҳамам, избанзар ҳмилаҭ
ринтересқәа ируакуп.

Аҧсуаа ҳахьыҟазаалакгьы ҳаҧсадгьыл азҵаатәқәа рҟны
ҳаизыразызароуп, ҳаиқәшаҳаҭзароуп, ҳҳәынҭқарра амаҵзура иазку амчра
хшыҩеилаҵарала ианыҧшуазароуп".

Прочитано 37 раз