Понедельник, 28 октября 2024 10:36
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бызшәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит
Адныҳәалара атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, гәахәарыла ишәыдысныҳәалоит акырӡа зҵазкуа ҳмилаҭтә ныҳәа – Аԥсуа бызшәа амш.
Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәас иҟоу – аԥсуа бызшәа ижәытәӡоу, иахьа уажәраанӡа еиқәхаз архаикатә бызшәоуп. Уи иахьа иалацәажәоит ҳтәыла иқәынхо реиԥш, уи анҭыҵгьы милаҭла иаԥсыуоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәагьы убрахь иналаҵаны шә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Ишдыру еиԥш, амилаҭ милаҭны иҟазҵо, урҭ рҿахәы зҳәо, еидкыланы измоу абызшәоуп.
Убри аан иҳәатәуп, иахьа имҩаԥысуа аглобализациа апроцесс абызшәақәа анырра шырнаҭо, ажәлар маҷқәа рҿаԥхьа еиуеиԥшым аҳасабтәқәа шықәнаргыло.
Абызшәа аԥеиԥш амазарц, аҵакы ацәымӡырц азы амилаҭи аҳәынҭқарреи рыԥсҭазаараҟны хархәара амазароуп, убри аан ҳазҭагылоу аамҭа иқәнаргыло аҭахрақәа ирықәшәазароуп. Убри аҟнытә ижәытәӡатәу ҭоурыхла, культурала ибеиоу Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхареи арҿиареи рус - ҷыдала хшыҩзышьҭра ззутәу хырхарҭоуп аҳәынҭқарра аганахьала.
Аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи рзы зыда ԥсыхәа ыҟам ашьаҿақәа рыҟаҵараҟны, хымԥада, ауаажәларра шәыцхыраара аҭахуп. Сара агәра згоит аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҟны ҳхатәы бызшәа иамоу аҵакы азхәыцрала, зегьы ҳаидгыланы ҳусеицурала ашәышықәсақәа иргәылганы ҳара ҳҟынӡа иааргаз ҳбызшәа еиқәырханы аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рызнагара шҳалшо.
Еиԥҟьара ақәымзааит, иқәыҩлааит наунагӡа ари адгьыл аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарреи аԥсуа жәлари рбызшәа!
Опубликовано в
Новости и Публикации