НОВОСТИ и ИНФОРМАЦИЯ

Пятница, 27 сентября 2024 13:56

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АҦСНЫ ЖӘЛАРРПОЕТ, АИҬАГАҨ, АЛИТЕРАТУРАТӘ КРИТИК, "АХЬӠ-АԥША" АОРДЕН I АҨАӠАРА ЗАНАШЬОУ МУШЬНИ ЛАШӘРИА ИԥСҬАЗААРА ИАЛҴРА ИНАМАДАНЫИУАЦӘЕИ ИҬЫНХАЦӘЕИ ДРЫДЫШШЫЛЕИТ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рпоет,  аиҭагаҩ, алитературатә критик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит. 

Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:

Гәалсра дула срыдышшылоит Аԥсны Жәлар рпоет, аԥсуа литература аклассик, аиҭагаҩ, Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа Ахантәаҩы, ауаажәларратә усзуҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа иуацәеи иҭынхацәеи иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.

Мушьни Таииа–иԥа Лашәриа ган рацәала еибарку абаҩхатәра змаз, ҳпоезиатә культура иналукааша апеизажтә, алирикатә аԥҵамҭақәа рыла изырбеиаз поетуп, аԥсуа литератураҭҵаареи акритикеи рыҿиараҟны злагаламҭа дуӡӡоу, ҳхатәы бызшәа иаҵоу абеиара, аԥшӡара аихаҳара зылшаз ҵараҩуп.
Мушьни Лашәриа аԥсуа ажәа аҳәаақәа рырҭбаара илшеит иара убас иреиӷьу аурыси аҳәаанырцәтәии алитература аиҭагарала. Уи иеиҭагамҭақәа рыҩныҵҟа иҟоуп: Александр Пушкин ироман "Евгени Онегин", Михаил Лермонтов ипоема, Ацқьаҩыра "Ауасиаҭ ҿыц".

Аԥсуа жәлар рҵеи иаша, зыжәлар рдоуҳа абеиара зцыз, рҿахәы зҳәоз, зеиӷьыҟам аԥҵамҭақәа аҭоурых иазынзыжьыз Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа игәалашәара лаша наунагӡа иҳацзаауеит.
.

Прочитано 4 раз