Заира Иасон-иԥҳа агазеҭқәа «Бзыԥ», «Советская Абхазия» рҟны аус лухьан. 1991 шықәса инаркны агазеҭ «Аԥсны Аҳәынҭқарра» аҳәаанырцәтәии аҩныҵҟатәи аинформациеи рыҟәша аиҳабысгьы агазеҭ апарламенттә корреспондентсгьы аус луан.
📢🇷🇺1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан Заира Ҵәыџьба аибашьратә хҭысқәа ирызкны аматериалқәа лыҩуан, аинформациа аизгаразы амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь ахь дцон.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Заира Ҵәыџьԥҳа аус луан Ареспублика аԥыза-министр ипресс-маӡаныҟәгаҩыс, ажурнал «Леди-босс» алитературатә редакторс, лара авторс дамоуп «Акәашара, аԥсҭазаара еиԥш» захьӡу ашәҟәы.