Ҳаҭыр зқәу Мираб Борис-иԥа!
Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи Арбџьармчқәа хаҭалатәи реилазаареи рыхьӡала шәиубилеи амш аҽны гәык-ԥсыкалатәи ҳадныҳәаларақәа шәыдышәкыл!
Шәара, акыр шықәса инеиԥынкыланы, иналукааша ҳәынҭқарратә усзуҩны, ауаажәларреи ажәлари рҿы ҳаҭыр ду зқәу, зус иазҟазоу шәакәны шәхы-шәыԥсы, шәымч-шәылша Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчаратә лшара арӷәӷәареи аҿиареи рус иазышәкит.
Шәыԥсҭазааратә мҩа – арратә уалԥшьа анагӡареи Аџьынџь гәык-ԥсыкала амаҵ азуреи ирҿырԥшыга иашаҵәҟьаны иҟоуп. Аҳәынҭқарратәи арратәи усура шәнапы иананыз ашықәсқәа раан акәзар, шәара иҷыдоу аҵак ду змоу ауснагӡатәқәа хра рыманы рыӡбара зылшо аҭакзыԥхықәу напхгаҩык иаҳасаб ала шәхы аашәырԥшуан. Шықәсырацәалатәи шәусура ишьақәнарӷәӷәоит шәара шәзы неиҩымсрада ихадоу ԥсҭазааратә хырхарҭақәаны еснагь ишыҟаз, иагьшаанхо шәыжәлар гәакьа рмилаҭтә интересқәеи аҳәынҭқарра ашәарҭадареи.
Агәра ганы ҳаҟоуп шәԥышәа беиеи шәзанааҭтә дырреи аринахысгьы Ҳаԥсадгьыл гәакьа аизҳазыӷьараҿы ицхыраагӡа дуны ишыҟазаауа.
Ҳаҭыр зқәу Мираб Борис-иԥа, ари иналукааша агәырӷьаратә мшы аҽны, азин сышәҭ гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьарц аԥсуа ишықәснҵыра ду, агәабзиара зҩыда, агәамч ӷәӷәа, аманшәалара!
Шәагымхааит ашьа зызкашәҭәоз, зымаҵ жәуаз шәыԥсадгьыл Аԥсны!