АНЗОР МЫҚӘБА АԤСНЫ ЖӘЛАР РЫШӘҞӘҨҨЫ ҲӘА АХЬӠ ИХҴОУП

 

 

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба дидикылеит 80 шықәса зхыҵыз Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Ахьӡ-Аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, ашәҟәҩҩы, адраматург, ауаажәларратә усзуҩы Анзор Мықәба. 

 

Аҳәынҭқарра Ахада ашәҟәҩҩы ииубилеи идныҳәало иазгәеиҭеит аԥсуа литературеи амилаҭҭә культуреи реизырҳараҿы илагала шырацәоу. 

 

«Ирацәоуп шәџьабаа  ҳмилаҭә доуҳаи ҳҭоурыхи  еиқәырханы ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рызнагараҿы. Шәҳавагыланаҵы ишәҿаҳҵааша рацәоуп, шәааԥсаразы ҭабуп ҳәа шәасҳәеит», — азгәеиҭеит Бадра Гәынба. 

 

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит инапы шаҵаиҩыз амилаҭтә литературеи, акультуреи рҿы илагалазы Анзор Мықәба Аԥсны жәлар рышәҟәҩҩы ҳәа ахьӡ ихҵаразы Аусԥҟа. 

 

Бадра Гәынба ашәҟәҩыы изеиӷьишьеит агәабзиара, инапы злакыу аус аҿы аихьӡара ҿыцқәа.

 

Анзор Мықәба Аԥсны Ахада ҭабуп ҳәа иаиҳәеит иџьабаа пату ахьақәиҵаз азы. 

 

«Ауаҩы иааԥсара ахә аныршьо илымшашагь илиршоит, арҿиаҩцәа ҳнапы иану аҩроуп, иҳалшонаҵы ҳус  наҳагӡалоит», — иҳәеит Анзор Мықәба.

 

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"