Абҵарамза 17, 2026 ш. рзы Анкара имҩаԥысит Аԥсни Агәыԥқәа реиҩызареи инарҭбааз аизара, уи иалахәын Ҭырқәтәылатәи амилаҭтә еизара ду адепутатцәа, аԥсуа делегациа ахаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуцәа, аԥсуа, ачерқьес, иара убас кавказтәи адиаспора ахаҭарнакцәа.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҟны иҟоуп:
• Инар Гыцба — Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутат;
• Демур Гогьиа — Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутат;
́* Гәыльнара Кьычба — Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ;
• Гәыгәыца Џьыкырԥҳа — С. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аибашьцәа рмузеи адиректор;
• Ҭемыр Рекәаа — Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза аконгресс Аҟәатәи аусбарҭа анапхгаҩы;
• Вадим Ҳаразиа —Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иабжьгаҩ;
• Инал Хәытаба — Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадаразы аҟәша анапхгаҩы;
• Оқтаи Ҷкотуа —Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара аҩбатәи ааԥхьара адепутат, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵааратә институт аусзуҩ.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ҭырқәтәыла апартиақәа жәба рҟынтәи 20-ҩык инарзынаԥшуа адепутатцәа, Ибраҳим Аҩӡба - Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны ахаҭарнак, Кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа анапхгаҩы Иашар Асланҟаи (Ҳагундок) , акультуратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, иара убас Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа.
Аиԥылара аиҿкааҩцәа раҳасаб ала иқәгылеит Ҭырқәтәыла амилаҭтә еизара ду адепутатцәа, урҭ ирыдгылеит аԥшьгаратә гәыԥ «Abhazya İzolasyonuna Son» («Аҵыхәа ԥҵәатәуп Аԥсны амацәазаҭакра ») ахаҭарнакцәа.
Аиԥылара аартуа, Агәыԥқәа реиҩызара ахаҭарнакцәа руаӡәк Аныҭ Папба далацәажәеит аус зыдуло азҵаарақәа, иара убас аԥхьаҟатәи агәҭакқәа. Ҭырқәтәылатәи аполитикатә партиақәа излацәажәаз аԥшьгарақәа адгылара арҭеит, иазгәарҭеит Ҭырқәтәыла аганахь ала атәылауаҩшәҟәқәеи егьырҭ аофициалтә шәҟәқәа разхаҵареи аус аӡбара анырра шарҭо.
Иазгәаҭан, апсуа документқәа ахархәара ахьрымам иахҟьаны атәылауаа ауадаҩрақәа ишрықәшәо аҵарадырра аиураҟны, амедицинатә цхыраара аарԥшраҟны, Амшынеиқәа еиуеиԥшым аганқәа рҟны инхо ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи реибабареи реимадареи рҟны.
Аԥсуа делегациа ахаҭарнакцәа рыхьӡала дықәгылауа Инар Гыцба иазгәеиҭеит, атәыла жәларбжьаратәи амацәазаҭакра аԥырҟәҟәаара аҵак ду шамоу, иара убас Ҭырқәтәыла аԥсуа документқәа разхаҵара еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбара ишацхраауа.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Демур Гогьиа агәыӷра ааирԥшит, Ҭырқәтәылатәи адепутатцәа рымчалеи, аԥсуа, ачерқьес диаспорақәа русуралеи, излацәажәаз азҵаарақәа рыӡбара шалыршахо, ҩжәларык реимадара арӷәӷәара анырра шанаҭо.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟзгаҩ Гәыльнара Кьычба илҳәеит, ас еиԥш азеиԥш усура аҵак ҷыда шамоу, рҿаԥхьа иқәдыргылаз азҵаарақәа хылаԥшрада ишнымхо. Ахәҭакахьала, Оқтаи Ҷкотуа инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсни Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу аҭоурыхтә, акультуратә, аиашьаратә еимадарақәа, Агәыԥқәа реиҩызара аԥҵара аҩганк реизыҟазаашьа аҿиара ишацхраауа.
Имҩаԥгаз аизара ду иаанарԥшит аполитикатәи ауаажәларратәи дгылара аҭыԥ шамоу. Ҭырқәтәыла аполитикатә партиақәа жәба рхаҭарнакцәа шаҳаҭра руеит аҭцырқәа- аԥсуа еизыҟазаашьақәа рыҿиара азҿлымҳара шарҭо.
Агәыԥқәа реиҩызара аԥҵара жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәеи аԥышәатә ҟазшьа змоу аӡбамҭақәеи рҳәаақәҵаразы зеиӷьыҟам усны иҟалеит. Аизара алахәцәа аԥхьаҟатәи аусура хырхарҭа хаданы иазгәарҭеит, зегь раԥхьа иргыланы аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәеи аофициалтә шәҟәқәеи разхаҵара азҵаара.
В Анкаре состоялось учредительное собрание Группы дружбы с Абхазией при участии депутатов Великого национального собрания Турции
17 ноября 2026 года в Анкаре состоялось учредительное собрание Группы дружбы с Абхазией с участием депутатов Великого национального собрания Турции, представителей абхазской делегации, общественных деятелей и представителей абхазской, черкесской и других кавказских диаспор.