Жәлар Реизара — Апарламент асоциалтә политиказы апрофильтә Еилакы адәаҿы апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутат Инар Гыцбеи иаԥшьыргаз азакәан апроект азы азыӡырҩрақәа мҩаԥысит.
Аԥшьгамҭа агәҭакы еиҳа иӷәӷәоуп, азныказы угәы ишаанаго аасҭа: апарламент адепутатцәа ргәаанагарала, азакәан хымԥадатәиуп ареспублика аҳәынҭқаррара аиқәырхареи, иҭышәынтәалоу аҿиареи, амилаҭтә шәарҭадареи рзы.
Аԥҟара хадақәа:
🔺Адемографиатә шәарҭарақәа раԥырҟәҟәаареи, иара убас ауааԥсыра реиҭаҿиариеи, атәыла адемографиатә потенциал аиқәырхареи рзы аҭагылазаашьақәа раԥҵара
🔺Адемографиатә шәарҭадара иаҵанакуеит агәабзиара ахьчара, аира аизырҳареи аҭаацәа адгылара рыҭареи, аԥсҭазаара ахаҭабзиара ашьҭыхреи, еилыкка амиграциатә политикеи аҵакыратә ҿиареи
🔺Адокумент раԥхьаӡа акәны закәанла ишьақәнарӷәӷәоит аилкаара «адемографиатә шәарҭадара», аҳәынҭқарратә политика апринципқәа, аусбарҭабжьаратә координациа амеханизмқәа
Адепутатцәа инаҵшьны иазгәарҭеит адемографиа азҵаара аҳәынҭқарра аԥыжәара хадақәа ишреиуоу. Азыӡырҩрақәа реихшьаалақәа рыла апрофильтә усбарҭақәа рнапы ианырҵеит хара имгакәа Апарламент ахь ражәалагалақәеи адокумент ариашарақәеи цәырыргарц.