АҦСНЫ АХАДА БАДРА ГӘЫНБА БАШКОРҬОСҬАН АХАДА РАДИ ХАБИРОВ ДИҦЫЛЕИТ

 

Бадра Гәынба ҳаҭырла дахцәажәеит Урыстәыла арегион анапхгара Аҟәа амшын аҧшаҳәа ареконструкциа азуразы имҩаҧнаго аусура. Иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҵауларазы атраснпорт еимадара иааннакыло аҭыҧ. 

Абарҭқәа инарҷыданы, иалкаан ахәҳахәҭра-економикатә усеицура адинамика акырӡа ашьҭыҵра. Аҧсны Ахада излазгәеиҭаз ала, Аҧсныи Башкорҭосҭани рыбжьара, иҳаҩсыз ашықәс алҵшәақәа рыла, аалыҵеикәыршара жәохәынтә еизҳаит.

Ари аиҧылараҿы Аҧсны Ахада Бадра Гәынба Башкорҭосҭан Ахада Ради Хабиров Аҧсныҟа ааҧхьара ииҭеит цәыббрамза ҩажәи жәаба рзы Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш иҽалаирхәразы.

АТ

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"