АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ГӘЫНБА БАДРА 2026 ШЫҚӘСА АКТӘИ АЗБЖА АИХШЬАЛАҚӘА РЫЛА ГӘЫЛРЫԤШЬ АРАИОН АСОЦИАЛ-ЕКОНОМИКАТӘ ҾИАРА ИАЗКЫЗ АИЛАЦӘАЖӘАРА ДАЛАХӘЫН

 

 

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит араионқәа рҿы ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ҷыда шрымоу, избанзар алшара ҳарҭоит ишиашоу ауаа рацәажәаразы, имҩаԥгаз аусура ахәшьара аҭаразы, уи иҵегьы иахьырӷәӷәатәу аилкааразы. Бадра Гәынба инаҵшьны иҳәеит араионқәа аҳәынҭқарра шьаҭас ишрымоу, араионқәа аныҿио атәыла зегьы аҿиара шалыршахо.

 

Ҳазҭоу ашықәс ақыҭа иашықәсны ишрылаҳәаз азгәаҭаны, Гәынба Бадра иҳәеит ари зныктәи акцианы ишыҟам. Ақыҭа аҿиареи, араионқәа рыдгылареи, ауаа рыԥсҭазааразы иаԥсоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа ируакын, ус иагьаанхоит.

 

Ахада иажәақәа рыла, араион азы иԥышәара дуны иҟалеит аԥхынтәи аӡхыҵрақәа. Гәынба Бадра иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ирццакны ацхыраара шалнаршаз, аԥхасҭа зауыз аиланхарҭа ҭыԥқәа инагӡаны реиҭашьақәыргыларазы аринахысгьы аусура ишацнаҵо. Убри аан аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ауадаҩрақәа шыҟоугьы, араион еиԥҟьара амаӡамкәа аҿиара ишаҿу.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит араион абиуџьет ахашәалақәа 225 миллирн мааҭ иреиҳаны, аныхтәқәа 483 миллион мааҭ рҟынӡа шыҟоугьы, ареспубликатә биуџьет аҟынтә ишазԥхьагәаҭоу 219 миллион мааҭ инареиҳаны абиуџьетбжьаратә трансфертқәа. Урҭ рҟынтә 40 процент инарзынаԥшуа — 87 миллион мааҭ рҟынӡа аҵараиуреи, агәабзиарахьчареи, акультуреи, аспорти, асоциалтә усхки русзуҩцәа руалафахәы рызшәара иазырхоуп.

 

Актәи ашықәсбжазы 10 миллион мааҭ рҟынӡа азоужьын араион ауааԥсыра аҳәынҭқарратә социалтә цхыраара рыҭара — хықәкылатәи ацхыраара, ахәышәтәра, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауыз ауаа, астудентцәа-амедикцәа, анаплакра уҳәа уб.егь.

 

Арҿыцра-еиҭашьақәыргыларатә усурақәеи аинфраструктура арҿиареи  ареспубликатә биуџьет аҟынтә иазоужьуп 66 млн. мааҭ инареиҳаны - Ахада Ирезервтә фонд аҟынә. Уи иалнаршеит Кәыдры аӡышьҭра ариашара, Гәылрыԥшь араион аҟны Ԥарнауҭ аӡиас арҵауларатә усурақәа рымҩаԥгара, Маҷара ақыҭан аԥшаҳәаарӷәӷәара иазку аусурақәа, иара убас Дранда ақыҭа Шәқәырча аӡиас ихҵоу ацҳа аргылара ацҵара. 

 

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонд ахарџь ала имҩаԥган араион ашкол аматериал-техникатә маҭәахәқәа рыла реиқәыршәара. 

 

 Аҳәынҭқарра Ахада Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа иаиҭаз адҵа инақәыршәаны ирыцҵоуп аинфраструктуратә ппроектқәа рынагӡара. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп арԥҳачымазара ахәышәтәырҭаҟны  500 кубаметр зҭазыгӡо  аӡрыжәтә еизгарҭа аргылара. Баӷмаран ақыҭан анџьныр-геологиатә ԥшаарақәа, Ԥарнауҭ ақыҭан Аботаникатә амҩа шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара азырхиара, иара убас Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Баӷмаран ақыҭан Дгьебиа имҩа арҿыцразы апроект-харџьынҵатә документациа аус адулара.

 

 Аҳәынҭқарра Ахада ишазгәеиҭаз ала, араион абиуџьет ахашәалахәтәы хәҭа аизырҳара алыршахеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусура алагара иабзоураны, уи Урыстәылатәи Афедерациа ахырхарҭақәа жәаба инареиҳаны рыла иааиԥмырҟьаӡакәа ареисқәа нанагӡоит. Актәи ашықәсбжазы 30 нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа рымаҵ аура алыршахеит, ашықәс аихшьалақәа рыла 180 нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа раара иазыԥшуп, ари иабзоураны ашәахтә ааимҭақәа реизҳареи, анаплакра аҿиареи, иеиуеиԥшым амаҵзурақәа русхки аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара алыршахеит.

 

Хазы атәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ақыҭа адгылара иазку апрограмма анагӡара шымҩаԥысуа атәы: ирылаҳәоу ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭа адгылара рыҭоуп 59 проект. Бадра Гәынба иҳәеит уи анхыркәшахалак анаҩс ари аус хымԥада ишацҵахо. 

Аилацәажәара ахыркәшамҭаз аҳәынҭқарра Ахада Гәылрыԥшь араион анапхгареи, адепутатцәеи, аусхкқәа зегьы русзуҩцәеи, ауааԥсыреи ҭакԥхықәрала, ламысцқьала русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, атәыла анапхгара аринахысгьы араионқәа ԥхьаҟатәи рыҿиаразы адгылара шрынаҭало агәра диргеит.

 

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"