АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА БАДРА ГӘЫНБА ИАХЬА ТАМШЬТӘИ АДЕСАНТ АӠХЫҴРА АМШ ИНАРКНЫ 33 ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКНЫ ТАМШЬ АҚЫҬАН ИМҨАԤЫСЫЗ АИԤЫЛАРА ДАЛАХӘЫН

▪️ Аусмҩаԥгатә иара убас иалахәын Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Башкортостан Ареспублика Ахада Ради Хабиров, аибашьра аветеранцәа, Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз рҭаацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. 

Аиԥылара иалахәыз ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны ахьчаҩцәа ирызкны Тамшь игылоу абаҟа амҵан.

Тамшьтәи адесант аӡхыҵра амш азгәаҭара иазкын иара убас ара имҩаԥысыз амитинг.

Амитинг аҿы ажәахә ҟаҵаны дықәгылаеит Аԥсны Ахада.

 «Акыр иаԥсоу ҳаибашьцәа, зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа рҭаацәа, тамшьаа дуқәа, асасцәа! 

Тамшьтәи адесант амш - ҳџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы иҷыдоу аҭыԥ аанызкыло мшуп. Уи даара иуадаҩыз, агәымшәара ӷәӷәа зцыз операциан. Аԥсны Афырхаҵа Лакәыт Зарандиа напхгара зиҭоз Тамшьтәи адесант иалахәыз зегь, ҳәарада, ирдыруан аԥсра абла ишҭаԥшуаз, аха Аԥсадгьыл абзиабареи, уи ахақәиҭтәразы ирымаз агәаҳәареи амч ду рынаҭон, ргәы рыхон ԥхьаҟа. Дара зегьы фырхацәоуп, рыхьӡқәа наунагӡа Аԥсны аҭоурых ианылеит. Ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа гәымшәақәа. Владислав Арӡынба аибашьцәа рҿаԥхьа иқәиргылаз адҵа гәымшәарыла инарыгӡеит. Урҭ рыхьӡқәа наунагӡа ҳажәлар ргәалашәараҿы  иаанхоит.

Акыр иаԥсоу ҳветеранцәа! Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәџьабаазы, Аиааиразы, ҳаԥсадгьыл ахьыԥшымразы! Шәара иаашәырԥшыз афырхаҵара иалҵшәаны иахьа иҳамоуп зхы иақәиҭу аԥсуа ҳәынҭқарра, ҳажәлар рыԥсадгьыл аҿы иаԥшәымоуп, ирааӡоит аҵеира. Шәара шәҿырԥшыгоуп изызҳауа аҿар рзы.

Иазгәасҭарц сҭахуп - хаҭала сара сзы, ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа, ҳветеранцәа зегьы фырхацәоуп. Политикала еилых ҟамҵакәа, урҭ зегь ражәа сара сзы акраҵанакуеит. 

Шәыжәҩахыр ҳагымхааит, ахақәиҭра ззаажәгаз шәыԥсадгьыл шәагымзааит! 

Акыр иаԥсоу аҩызцәа!  Ҳара, иахьатәи абиԥара иаҳуалуп ҳаиҳабацәа иаҳзааргаз ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра ахьчара, аԥсуа ҳәынҭқарра аизырҳара. Иԥшьоу абри аус аҿы зегь ҳаидгылароуп. Ҳанеидгыла аибашьраҿы иаҳгеит Аиааира, агәра згоит ҳажәҩахыр еибаҳҭар, ҳҳәынҭқарра аизырҳараҿгьы ақәҿиарақәа шаҳзыԥшу. 

Хашҭра рықәымзааит  Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа!

Нагӡара ақәзааит Аԥсынра!»

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"