АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА БАДРА ГӘЫНБА ДЫРԤЫЛЕИТ ИАХЬА ЗҬОУРЫХТӘ ԤСАДГЬЫЛ АҞНЫ ИААНЫ ИҞОУ ҲЏЬЫНЏЬУАА ХӘЫҶҚӘА

 

 

▫️ Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы есышықәса имҩаԥнаго аԥхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» хгәыԥкны ишьақәгылоуп.  

Уи иалахәуп Ҭырқәтәыла нтәи, Германиантәи, Нхыҵ,-Кавказынтәи аҿар.  Аҳәынҭқарра Ахада ҵыԥх иҟаиҵаз адҵала алагер аҟны аамҭа еицырхыргоит ҳџьынџьуааи Аԥснытәи ахәыҷқәеи.

 

▫️ Апроект «Ахьышьҭрахь» ахыкәкы хада - атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны инхо ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл абзиабара дыркра, аԥхьаҟатәи аимадара арӷәӷәара. Урҭ ара рыҟазаара иалагӡаны Аԥсны аҭоурыхтә ҭыҧ ԥшӡарақәа ирҭаауеит, акультура ахырхарҭала аусмҩаԥгатәқәа рзеиҿкаауп, аԥсуа жәлар рҵас-рқьабзқәа дырбахоит, аԥсуа бызшәа арҵара иадҳәалоу аурокқәа ирхысуеит.  

 

▫️ Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит ас еиҧш иҟоу алагер амҩаԥгара аҵак ду амоуп ҳәа ишиԥхьаӡо. 

 

 ▫️ «Аҿар рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазхьанарԥшуеит, ашәышықәсақәа иргәылганы иаарго Аԥсадгьыл абзиабара арӷәӷәоит, апсуаа ҳахьыҟазаалак жәларык ҳауп, ԥсадгьылк ауп иҳамоу, убри аҟнытә ҳара иаҳҭахуп шәыԥсадгьыл ахь ишәымоу  агәыбылра еизҳарц», - иҳәеит Бадра Гәынба. 

 

▫️ Иара убас, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа реиҳәеит еиҿызкааз, аҿар аџьабаа рыдызбалаз, Апсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара, аусзуцәа, дара уахьынтәи ирыцны иааз  аиҳабацәа. 

 

▫️ Урҭ дара рықәгылараҟны,  Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит иахьа дааины иахьибаз, насгьы Ахада ицәажәараҟны ирзеиҭеиҳәеит иара иҭаацәа рҭоурых, амҳаџьырра ишеиҟәнашаз, абжаҩык Ҭырқәтәылаҟа ишагаз, уи иадҳәалаз ахҭыс аҿар даара аинтерес аҵаны иазыӡырҩит. 

 

▫️ Ахәыҷқәа азҵаара рацәа ирҭон, уи азкын ҳаԥсадгьыл алахьынҵа, ҳҳәынҭқарра ашьакәгылашьа, насгьы Аԥсны Ахада аԥхьаҟа атәыла шибо еилыркаарц рҭахын. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, ҳаԥсадгьыл Аԥсны зхы иақәиҭу, ихьыԥшыму ҳәынҭқарраны, аԥсшәа ахьықәыҩуа, ажәлар ргәы шьҭыхны иахьынхоу тәыланы ишибо, убри адагьы даҽа знеишьак ыҟоуп ҳәа ишимыԥхьаӡо. Иҳәеит, ас еиԥш иҟоу алагерқәа ишрыцҵахо, ҳҿар реимадара арӷәӷәара ишацхраауа, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәра ишазхьанарԥшуа. Аиԥылара даара аԥхарреи агәыргьаратә ҟвзшьеи аҭаны имҩаԥысит.

 

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"