АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА БАДРА ГӘЫНБА АҚАЛАҚЬ-ФЫРХАҴА ГӘДОУҬА АМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ УИ ИАЛАНХО АУААԤСЫРА

 

 

▫️ Аныҳәа иазкны имҩаԥгаз аилатәараҿы адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба.  

 

▫️ Аԥсны Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

 

▫️ «Ҳаҭыр зқәу Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа ауааԥсыра!

 

▫️ Ишәыдысныҳәалоит шәықалақь Амш!

 

▫️ Ари аныҳәамш азгәаҭара иаԥсаны, иаҭахны иҳадаҳкылаз ӡбамҭоуп. 

 

▫️ Гәдоуҭа аҭоурыхла ибеиоу, хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа ныҟәызго қалақьуп. Урҭ ҳара имырӡкәа иааиуа абиԥарақәа ирызнаҳгароуп.

 

▫️ Гәдоуҭа ақалақь акрызҵазкуа Аԥсны ақалақьқәа ируакуп. Ара ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа инхон-инҵуан ҳабацәа, урҭ рабацәа. Дара иаԥырҵаз аҭынха ду иахьа ҳара гәадурала иеиқәырханы иааҳгоит.

 

▫️ Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа аҭыԥ ҷыда ааннакылоит ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҟны. Аԥсны Ҳџьынџьтәылатә еибашьраан иара аҳҭнықалақьра ныҟәнагеит ҳҳәар алшоит.  Ароуп жәлар рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба идгылаз иҩызцәагьы  иаргьы аԥсуа жәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи рзы аҭоурыхтә ҵакы змаз  аӡбамҭақәа ахьрыдыркылоз. 

 

▫️ Иахьатәи аныҳәа  аҽны ҳаҭырла иаҳгәаларшәоит Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз гәдоуҭаа рҵеицәа.  Урҭ рфырхаҵара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ианызаауеит наунагӡа.  

 

▫️ Гәдоуҭа иахьа аҽеиҭанакуеит. Ахаҿра аҽаԥсахит, амшын аԥшаҳәа аҿиара иаҿуп. Ҳара иаҳҭахуп арҭ ар́ҿыцрақәа ауаа рыԥсҭазаарагьы ианыԥшларц. 

 

▫️ Ақалақь амалқәа зегьы ирмалуп уи иқәынхо ауааԥсыра,  зҭоурых еиқәырханы иаазго, зықалақь бзиа избо, уи арԥшӡара иацхраауа. Аԥхьаҟагьы Гәдоуҭа ақалақь аԥеиԥш знапы иану шәара шәоуп, акыр иаԥсоу гәдоуҭаа.  

 

▫️ Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, агәабзиара, анасыԥ. Иҿиалааит, хьӡи-ԥшеи агымзааит аринахысгьы Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа!

 

▫️ Ҽааныбзиала шәнеилааит зегьы!»

 

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"