АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА БАДРА ГӘЫНБА АԤСАДГЬЫЛ АХЬЧАҨЦӘА РГӘАЛАШӘАРА АМШ АЗЫ ИҞАИҴАЗ ААԤХЬАРА

 

 

▪️ «Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

▪️ Нанҳәамза 14 - Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа рҟны лахьеиқәҵаратә рыцхәны  иаанхоит. Абри амш аҽны, 1992 ш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит. Аибашьра хлымӡаах ҳауаажәлар агәаҟра дуқәа рзаанагеит, ҳаԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи иҭанаргылеит, ҳхақәиҭреи аԥхьаҟатәи ҳԥеиԥши аныӡаара амҩа ихықәнаргылеит. 

 

▪️ 413 мшы Аԥсныжәлар бџьаршьҭыхла рџьынџьдгьыл  рыхьчон. Зегь реиҳа иуадаҩыз амшқәа рзы, зықьҩыла ҳауаажәлар Аԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Урҭ иарӷьажәҩаны ирыдгылеит Нхыҵ-Кавказынтәи, Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи  хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аҳәаанырцә инхоз аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Ҳаԥсадгьыл амца шыра ианалагылаз аамҭазы  иаадырԥшыз афырхаҵареи, иҟарҵаз ацхыраареи Аԥсны аҭоурых аҟны наӡаӡа иаанхоит.

 

▪️ Аԥсадгьыл зҭагылаз ашәарҭара алгаразы ҳажәлар драԥхьагылеит Аԥсны аҵеи лаша, ҳԥыза -  Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Аԥсадгьыл алахьынҵа аҭакԥхықәра ихахьы иганы, иара илиршеит ажәлар реидкылара, агәыӷра рыҭара, Аиааира амҩахь анагара. 

 

▪️ Аиааира аагара ус имариамызт. Зықьҩыла Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵеит. Урҭ иаадырԥшыз афырхаҵара ахааназы иаҳхашҭыр ҟалом. Еизҳауа абиԥарақәа рҿаԥхьа  ргәалашәара амырӡра ҭакԥхықәран иҳадуп. 

Ҳарҭ ҳахӡыӡаалароуп ҳаибашьцәа рыԥсы ахҭынҵаны иаҳзааргаз аиааира, аҭынчра, ҳтәыла аԥеиԥш лаша аиурц азы иҳарҭаз аҭагылазаашьа. 

Иахьа, адунеи зегьы имариам аамҭа ианҭагылоу,  ҳарҭ зегьы аӡәк еиԥш ҳаидгылароуп.  Аибашьра аамҭазы ҳажәлар иаадырԥшыз акзаароуп аиааира ҳзаазгазгьы. Ҳарҭ иаҳхамшҭроуп  аҭоурых иаҳзыннажьыз аԥышәара аамҭа, иҳахьчароуп иҳабжьоу аҳаҭыреиқәҵара, ҳаԥсадгьыл аинтересқәа зегь раԥхьа иҳаргылароуп. 

 

▪️ Абри алахьеиқәҵаратә амш аҽны рфырхаҵара аҿаԥхьа ҳхырхәоит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа! Ргәалашәара лаша наӡаӡазаит Аԥсны Афырхацәа!

 

▪️ Аԥсныжәлар ргәаҵаҟны ргәалашәара ԥсра-ӡра ақәымзааит. Рыԥсҭазаара ахҭынҵаны ирыхьчаз Ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥеиԥш лаша ахьчара ҳарҭ зегьы иаҳуалԥшьазааит». 

 

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"