Аҳәынҭқарра Ахада ихы алаирхәит анаукақәа ракадемиа аҟны имҩаԥгаз аилатәара.
Бадра Гәынба иқәгылараҿы иазгәеиҭеит:
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҭҵаарададыррақәа ракадемиа алахәылацәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырратә уаажәларра!
29 шықәса раԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба иусԥҟала иаԥҵахеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа. Ари ахҭыс аҵак дуӡӡа аман ҳтәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы, избанзар ҭҵаарадыррада аҳәынҭқарра аекономикеи, ааглыхреи, ақыҭанхамҩеи, акультуреи инхарҭәааны иҿиартә изыҟалом.
Аԥсуа Академиа имариам амҩа ианысит. Раԥхьатәи Ахада Шьоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа иҩызцәеи иареи ирылшеит, ауадаҩрақәа ириааины, ҳаҭҵааратә институтқәа еидкыланы Академиа аиҿкаара. Урҭ ихацдыркыз аус Академиа иахьатәи анапхгара еихаҳаны иааргоит. Иахьа иара иҭышәынтәаланы иҟоу, аизҳазыӷьара иаҿу ихадароу наукатә еиҿкаароуп. Ҳҵарауаа шәеихьӡарақәа азхаҵоуп ҳтәыла аҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы. Шәыҭҵаарадырратә усумҭақәа ирыбзоураны, адунеи аҟны еицырдыруеит ҳаԥсадгьыл иамоу рдоуҳатә беиарақәа, ҳажәлар знысыз аҭоурых, рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥаразы аиаша.
Даараӡа ихадоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анапхгареи уи иаҵанакуа аинститутқәеи жәларбжьаратәи аимадарақәа рышҟа иааиԥмырҟьаӡакәа иаашәырԥшуа азҿлымҳара. Лымкаала аҵак ду аманы иаабоит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи шәареи шусеицура есааира иахьшәырӷәӷәо, иахьшәырҭбаауа, алҵшәа бзиақәагьы ахьшәымоу.
Академиа ауснагӡараҿы ихадароу ахырхарҭақәа иреиуоуп – аҵарауаа ҿарацәеи аспирантцәеи аус рыдулара азҵаатәы. Иалшәыршоит аҿар рзы ҷыдала аҭҵаарадырратә форумқәа рымҩаԥгара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла адиссертациақәа рыхьчара.
Аҭҵаарадырра – аҳәынҭқарра ауасхыр хадақәа иреиуоуп. Убри хшыҩзышьҭра азуны, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара еснагь иазыхиоуп анаукатә усзуҩцәа адгылара рыҭара.
Акыр иаԥсоу ҳҵаруаа! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсуа ҭҵаарадырра амшныҳәа!
Ишәзеиӷьасшьоит Ҳаԥсадгьыл аҿиара ирызку шәыҭҵаарадырратә усураҿы аихьӡара ҿыцқәа, шәаԥшьгамҭақәа зегьы рҿы ақәҿиара дуқәа шәзыԥшызааит!
Ҽаанбзиала шәнеиааит!
Анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҭҵаарадырра аусхк Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа 2026 шықәсазы изанашьоу аҵарауаа аҳаҭыртә дыргақәа риҭеит.
- аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Бигәаа Валери Леуарда-иԥа - амонографиа "Аԥсуара - аԥсуаа рытрадициатә дин" азы;
- афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Џьапуа Зураб Џьота-иԥа - амонографиа "Нарҭаа ирыхҳәаау аԥсуа епос: аҭҵаамҭеи атекстқәеи" рзы;
- атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Кимкетов Едуард Маи-иԥеи, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Марколиа Анатоли Иван-иԥеи - амонографиа "Аԥсны иахьаҵанакуа еиҭахацаркхо афымцамч хыҵхырҭақәа рхархәара алҵшәақәа" рзы.