АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА БАДРА ГӘЫНБА АҴАРАШЫҚӘС ҾЫЦ АЛАГАРА ИАЗКНЫ ИҞАИҴАЗ АДНЫҲӘАЛАРА:

 

 

«Акыр иаԥсоу ашкол аҵаҩцәа, ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, аҭаацәа!

Ишәыдысныҳәалоит аҵарашықәс алагамҭа!

 

Цәыббрамза 1 - ҭаацәацыԥхьаӡа, иара убас ҳтәылауаа зегьы рзы   акрызҵазкуа мшуп. Ари аҽны ашколқәа зегьы  ҩаԥхьа хәыҷыччабжьла иҭәуеит, зықьҩыла ахәыҷқәа адырра ҿыцқәа рахь ршьаҿақәа еихыргоит, раԥхьаҟа иалырхран иҟоу азанааҭ рҽазыҟарҵоит. 

 

Аҵарадырра - аҳәынҭқарра аҿиара аусхк аҟны уасхыр хадас иҟоуп. Ҳара иахьа ҳҵаҩцәа ираҳҭо адырреи ааӡареи ирыбзоуроуп ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш. Ҳарҭ иаҳҭахәуп аҵара бзиа змоу, ззаанаҭ иазҟазоу ауаа ҳамазарц - аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, анџьнырцәа, афизикцәа, афилологцәа, аекономистцәа, еиуеиԥшым азанааҭқәа рхаҭаранакцәа. 

 

Ҳара ҳзеиԥш хықәкы - уажәнатә аҭагылазаашьа бзиақәа зегьы раԥҵароуп.  Сынтәатәи аҵарашықәс иазыхиоуп 152 школ, уаҟа аҵара рҵоит 29 нызқьҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа. 

Раԥхьатәи ашкол аҵәҵәабжьы раҳауеит 2300-ҩык рҟынӡа актәи акласс ахь зшьапы еихызго аҵаҩцәа. 

 

Ҳҳәынҭқарра ахықәкы хадақәа ируакуп ҳазҭагылоу аамҭа иақәшәо аҵара апроцесс аиҿкаара. Ари ашықәс азы акыр ашколқәа рҟны имҩаԥган аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, ирҿыцын ахыбрақәа, иара убас аҵаратә инфраструктура. 

 

Азҿлымҳара хада аҳҭоит аԥсуа бызшәа аҿиареи ахьчареи азҵаара.  Сынтәатәи аҵарашықәс иалагӡаны  быжьшколк рҟны иаԥҵахоит аԥсуа бызшәазы ауадақәа, дара еиқәыршәахоит  ҳаамҭа иақәшәо, аҵараусхк аҟны рхы иадырхәо  амаҭәахәқәа зегь рыла. Ас еиԥш иҟоу аусура иацҵахоит егьырҭ ашколқәа рҟынгьы, избанзар ахатәы бызшәа адгылара аҭара  -  ҳара ҳмилаҭтә хдырра аиқәырхара иахәҭакуп. 

 

Иара убас, ҳарҭ аҿиара аҳҭоит  аҭҵаара ахырхарҭа. 14 школ рҟны иаатуеит афизика азы ауада ҿыцқәа, ԥшьышколк рҟны аусура иалагоит атомтә классқәа. Ари акрызҵазкуа шьаҿоуп ашколхәыҷқәа рԥышәа аизырҳаразы, аԥхьаҟа зыԥсҭазаара афизикеи, анџьнырреи, афымцамчи, ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи ирыдызҳәаларц зҭаху рзы.

 

Иара убас, ахырхарҭа хадақәа ируакны ҳахәаԥшуеит ашколқәа рҟны  ахәыԥха аиҿкаара. Ари аҵарашықәс азы, 57 школ рҟны, аиҵбыратәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа  хәыда-ԥсада ахәыԥха рзеиҿкаахоит. Убас еиԥш, шьаҿа-шьаҿа ари аусура амҽхак ҳарҭбаауеит, ҳҵаҩцәа аҵара-дырра иақәнаго аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара ҳацхраауеит. 

 

Хымԥада, гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ҳарҵаҩцәа. Шәарҭ шәылша рацәоуп ҳҵаҩцәа реиҵааӡараҿы, адырра рыҭараҿы, аԥсҭазаара аҵакы реилыркаараҿы, Аԥсадгьыл абзиабара рылааӡараҿы, иара убас ахымҩаԥгара бзиа аарԥшраҿы. Иҭабуп шәџьабаазы, шәус ҭакԥхықәрала шәахьазнеиуазы!  

 

Акыр иаԥсоу аҵаҩцәа! 

 

Ишәзеиӷьасшьоит аинтерес зҵоу аҵарашықәс, адырра ҿыцқәа, аҩызцәа бзиақәа, аихьӡара дуқәа. Ҷыдала актәи акласс ахь зшьаҿа еихызгаз ахәыҷқәа  ирзеиӷьасшьарц сҭахуп ауадаҩрақәа ирцәымшәакәа аҵара бзианы ирҵаларц, ашколтә ԥсҭазаара ирзаанаго адыррақәа азҿлымҳара арҭаларц. 

 

Ҳаҭыр зқәу аҭаацәа, ишәзеиӷьасшьоит ачҳара, шәыхшара шәрылагәырӷьалааит,  аҵарашықәс ҿыц зегьы рзы аманшәалара ацзааит, адырра ҿыцқәа ирышықәсхааит, иманшәалазааит. 

 

Ишәыдысныҳәалоит аҵарадырра Амш!»

 

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"