33 ШЫҚӘСА РАҦХЬА ЦӘЫББРАМЗА 17 РЗЫ АҦСНЫТӘИ АРБЏЬАРМЧҚӘА МРАГЫЛАРАХЬТӘИ МРАҬАШӘАРАХЬТӘИ АФРОНТҚӘА РҾЫ АЖӘЫЛАРАҚӘА ИРЫЦЫРҴОН  

 

Мрагыларахьтәи афронт аибашьцәа заа еиқәыршәаз арратә план аҳәаақәа ирҭагӡаны, ажәыларақәа ирҿын Очамчыра араион ақыҭақәа Араду, Цагьара, Ахалдаба рхы рақәиҭтәразы. Даҽа гәыҧк иалаз аибашьцәа рымҩа хан Кәыдры аӡиас ацҳахь.

Цәыббрамза 17 рзы аҕа алада-гәымсҭатәи ацҳаҿы ипозициақәа ҧыххаа иқәырҵеит. Ажәылара иацҵо, аҧсуа архәҭақәа Гречко идача аҟынӡа инаӡеит. 

 

Ахы иақәиҭтәын Бырцха. Рхы иақәиҭтәын убасгьы аиланхарҭатә ҭыҧқәа Лекухонеи Аҩадатәи Кьалашәыри. Убри аҽныҵәҟьа Урыстәыла атәылахьчара аминистр Павел Грачиов диҧылеит Владислав Арӡынба. Аиҿцәажәарақәа цон аҧсуаа рганахьала ажәылара аанкыларазы. 

 

АТ АДАҞЬА: Instagram | YouTube | Facebook

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"