33 ШЫҚӘСА РАҦХЬА АБРИ АМШ АЗЫ АҦСНЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АРХӘҬАҚӘА АЖӘЫЛАРАҚӘА ИШЫРҾЫЦ ИРҾЫН АҚЫРҬУА МПЫҴАХАЛАҨЦӘА ИРҾАГЫЛАНЫ

 

 

Цәыббра 23 1993 шықәса рзы мраҭашәарахьтәи афронт аибашьцәа рнапахьы иааргеит ажәафтәи абжьаратә школи, апартиа Аҟәатәи араионтә комитети рхыбрақәа. Иара убасгьы аҩбатәи аполиклиникеи, акондитертә фабрикеи агазтә аппаратурақәа рнаплаки, Аҟәатәи аимадара астанциеи. 

 

Анаҩс аҧсуа еибашьцәа рҽагәылархалеит Аҟәа ажәытә ҳабла. Иҭадырцәит азеиҧш нхарҭа. Уи аҽны ахы иақәиҭтәын Аҟәатәи ашьха. Мрагыларахьтәи афронт аҟны фнызқь ҩык рҿынӡа иҟаз Қырҭтәыла архәҭақәа аиха-кәылӡтәы техникеи, абзарбзанқәеи рыманы рҽазыршәеит Очамчыра аганахь ала Аҟәаҟа адәықәлара. 

 

Дара ирҿагылеит аҧсуаа. Аибашьра ҕәҕәа цон Тамшь, Ануаа рхәы, Кындыҕ. Аха ақырҭқәа ирылымшеит аҧсуаа мрагыларахьтәи афронт аҟны рхырҕәҕәарҭақәа ргара. Урҭ рыхьчон Аҧсны атәылахьчара аминистра аруаа.

 

АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook

Другие новости

  • Автономная некоммерческая организация Медиа-клуб "Аҧсны Иахьа"